АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аинвестпрограмма инақәыршәаны, ҩышықәса раахыс шьаҭанкыла зыргылара иаҿу Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахархәарахь инашьҭхоит ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа раамышьҭахь. Абри атәы иҳәеит аобиект аргылара хылаԥшра азҭо Ҭеимураз Ҷкотуа.
Ашкол иаҵанакуа ахыбрақәеи аҵакырадгьыли рҟны 90% аусурақәа хыркәшоуп. Иахьазы инхаз аҩнуҵҟа џьара-џьара аҭӡамцқәа рышәреи, акласс уадақәа рҿы алинолеум ақәҵареи, адәахьала аиԥшьырҭақәеи анаарақәеи ршьыхреи, ашҭа ариашареи роуп.
"Иҳаҩсыз аԥхынразы лассы-лассы ақәа ауан аҟнытә, адәахьтәи аусурақәа маҷк ҳзынхеит. Иахьа ашьыхрақәа мҩаԥаагоит, убас техникала ашҭа ариашареи, ахаҳәцәы ақәҵареи, ҭыԥқәак рҟны акаҭран ақәҭәареи, агазонқәа реиҿакаареи ҳаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит аспециалист.
Ҭеимураз Ҷкотуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адҵала ашкол ахь иаарго иалагахьеит аҩнымаҭәа.
Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь иаҵанакуеит иарку аҳаиртә аиасырҭақәа рыла еиԥшьу акорпусқәа ԥшьба, хԥа-хԥа еихагыла змоу аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуа ҩ-ргыларак, еихагылак-еихагылак змоу акттәи аспорттәи залқәа. Ашкол ҿыц зныҭрыс иаднакылоит 700-ҩык ахәыҷқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гагра агәашьа ҿыц официалла иаартын
Лыхнытәи Гәдоуҭатәи абжьаратә школқәа аремонт рзыруеит