Аҟәа ақалақь Араион ҿыц аҿы ахаҵа дышьны дырбеит

38 шықәса зхыҵуаз ахаҵа Араион ҿыц аҩнеихагылақәа руак аҿы дыршьит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Аҩаша, цәыббра 3 ауха, асааҭ 00:30 рзы Аҟәа, Араион ҿыц, Лагәлаа имҩа №3 аҩналарҭаҿы дшьын 1981 шықәса рзы ииз Омари Михаил-иԥа Шьакаиа. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада.

Аусбарҭа асаит аҿы ишаҳәо ала, Шьакаиа ихы иеихсит. Аҭыԥ аҿы иԥшаан зкалибр 5,45 миллиметр иҟоу абџьар агильзақәа. Аӡбарҭа-медицинатәи абаллистикатәи експертиза мҩаԥыргоит.

Аҟәа ақалақь апрокуратура ауаҩшьреи амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи рзы ашьаус хацнаркит.