Арадио

Кәарҷиа иҳәеит иарбан занааҭу Аҟәатәи Иаарту аинститут аҟны иаҳа имаҷны изыдҵаало

Аҟәатәи Иаарту аинститут аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ирымоу азанааҭқәа ааба рҟынтәи зегь раасҭа имаҷны абитурентцәа зыдҵаалаз арбану.
Sputnik
Кәарҷиа иҳәеит иарбан занааҭу Аҟәатәи Иаарту аинститут аҟны иаҳа имаҷны изыдҵаало

"Сынтәатәи аҵарашықәс ҳалагоит цәыббра 16 рзы. Уаанӡа аԥышәарақәа ззымҭииз идҳарҭиуеит, убасгьы иҟоуп аамҭала аррамаҵзура иахысуа, урҭгьы иарҭоит. Сынтәа арзаҳалқәа 300–ҩык инарыцны иаларҵеит, урҭ рахьынтә иҭалеит 125-ҩык. Ирацәаҩуп "аҳазалхратә ус", "аиуриспруденциа" азанааҭқәа алзхуа, ихарҭәаам азанааҭ акәны иҟоуп "агроекономика". Уи даара иаҳҭаху усуп, хышықәса раԥхьа иалаҳгалеит уи азанааҭ, аха 5-6 ҩык роуп инеиуа. Ус ргәы иаанагоит ақыҭа иадҳәалоу азанааҭ алырхыр, уахь усура ицароуп, аха уахьгьы аусурҭатә ҭыԥкәа ыҟаӡам. Ҳәарас иаҭахузеи, аусурҭатә ҭыԥқәа  ҟаҵаны иҳадаҳкылозҭгьы, усҟан ауаа ҟалон", - иҳәеит Кәарҷиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: