Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: ақыҭанхамҩеи арахәааӡареи зегь раԥхьа иргыланы напы рылактәуп

© SputnikВалери Кәарҷиа
Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи иаарту аинститут аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит иаҳа иалкааны абитуриентцәа ирыдыргало азанааҭқәа зызку.

Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны сынтәа абитуриентцәа ирыдыргало азанааҭкәа рҟны ԥсахра ыҟаӡам, иааиуа ахәаша инаркны ашәҟәқәа аларҵалар рылшоит аҵараиурҭа иҭалар ӡҭаху, шықәсыктәи аҵара ахә 40 нызқь мааҭ артәоит иарбан занааҭзаалакгьы ҳәа адырра ҟаиҵеит аинститут аиҳабы.

Кәарҷиа: ақыҭанхамҩеи арахәааӡареи зегь раԥхьа иргыланы напы рылактәуп

Валери Кәарҷиа иажәақәа рыла, иахьа зегь раԥхьа иргыланы нап зыдкылатәу ҳәа ииԥхьаӡо арахә ааӡара ауп.

"Раионцыԥхьаӡа шә-хык еиҵамкәа зкуа ааӡарҭакәа ргылатәуп, урҭ рыкәшамыкәша арахә рҳәырҭақәа ыҟазароуп. Уи аганахьала маҷк ахшыҩзышьҭра арҭо иалагеит уажәы. Ахәыҷқәа ақыҭанхамҩатә занааҭқәа рҭахӡам, уи азҵаара ахшыҩзышьҭра аҳҭоит. Уи аганхьала иахьа ҳинститут аҟны "ақыҭанхамҩа аекономика" ҳәа азанааҭ ҳамоуп. Араионқәа рҟны ҳцаны ахәыҷқәа иреилҳаркааит уи зегь реиҳа иаҳҭаху занааҭны ишыҟоу", - иҳәеит Кәарҷиа. 

Шәаӡыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0