Ҷкотуа Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур азы: иаҳа аамсҭашәала имҩасит
© Sputnik
"Егьырҭ иҳамаз алхрақәа раасҭа иаҳа ҭынч имҩасит, иаҳа аамсҭашәала, аԥсыула имҩасызшәа збеит. Уаанӡа аҳәынҵәа еигәыдҵара даара аԥыжәара агон. Уажәы иқәгылаз шырацәазгьы, уи аҟара аҳәаа иахымскәа ҭынч имҩаԥысызшәа избеит. Амала акандидатцәа ражәалагалақәа иаҳа ажәлар ирызнаганы, рыгәҭыхақәа рзеиҭарҳәап ҳәа сгәы иаанагон. Аха уи азы иҿыцу ҳәа акгьы смаҳаит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.