Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуа Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур азы: иаҳа аамсҭашәала имҩасит

© Sputnik / Томас ТхайцукОктаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур ҭынчрала иахьымҩасыз иаанагома аԥсуа политика ҽаԥарак иԥеит ҳәа, абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҷкотуа Аԥсны ахада иалхрақәа актәи атур азы

"Егьырҭ иҳамаз алхрақәа раасҭа иаҳа ҭынч имҩасит, иаҳа аамсҭашәала, аԥсыула имҩасызшәа збеит. Уаанӡа аҳәынҵәа еигәыдҵара даара аԥыжәара агон. Уажәы иқәгылаз шырацәазгьы, уи аҟара аҳәаа иахымскәа ҭынч имҩаԥысызшәа избеит. Амала акандидатцәа ражәалагалақәа иаҳа ажәлар ирызнаганы, рыгәҭыхақәа рзеиҭарҳәап ҳәа сгәы иаанагон. Аха уи азы иҿыцу ҳәа акгьы смаҳаит", – ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0