Зус иазҟазаз, зажәа нагаз: шықәсык Геннади Гагәылиа ида

Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, цәыббра 8 2018 шықәсазы иҟалаз амашәыр иахҟьаны.
Sputnik

Sputnik

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Афырхаҵара Ахьӡ аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи аиҳабы Мзиа Беиа лажәақәа рыла Аԥсны дацәыӡит зыуаҩра ҳаракыз, аполитикаҿы аџьабаа збахьаз, аекономика ашьҭыхразы зхы аџьыка ықәызххьаз ауаҩ нага ду.

Зус иазҟазаз, зажәа нагаз: шықәсык Геннади Гагәылиа ида

"Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа ҳара ҳаҩнаҭаҿы даҳдыруан аибашьра иалагаанӡагьы. Сашьа кыр шықәса дышиеиҵбызгьы аиҩызара ду рыбжьарҵеит. Ҳара иаҳзынхеи иара иҳәамҭа: "сара сахьыҟазаалак, иныскыло иарбан чынзаалак ауаҩ иахь исымоу агәыбылра сзынхоит" ҳәа ииҳәаз. Ҳәара аҭахума, иара дуаҩ хатәран", — лҳәеит лара.

Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа илгәалалыршәеит Геннади Гагәылиа аибашьраан Аԥсны аекономика ашьҭыхразы иибаз аџьабааи, анаҩс, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы иусуреи.

Лев Амыҷба: Геннади Гагәылиа аџьбарареи, аразреи иныԥшуан

"Инапы злакыз иарбан усзаалак акалашәа ирҽеиуан, иеиҿкаашьа уамашәа иссирын. Хаҭала саргьы иԥышәа схы иасырхәон, иаргьы абык иаҳасабала исеилиркаахьаз рацәан", — ҳәа азгәалҭеит Беиа.

Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа лгәаанагарала иҟалаз амашәыр Аԥсны ашәарҭадара иамоу аҭагылазаашьа аанарԥшуеит.

"Абас еиԥш иҳараку ачынуаҩ амҩаҿы данаҳзымыхьча, нас ҳабанӡанеиуеи… Ҳаззегьы ҳгәи-ҳахшыҩи еимаданы, ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари злаҳахьчаша ҳазхәыцыр ҳахәҭоуп. Избан акәзар уахьынаԥшлак угәы казыжьуа рацәоуп. Ҳахшыҩ неилаҵаны, бзиа ҳаибабаны ҳаицәажәар бзиан", — лҳәеит лара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аџьеи аруааи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба иажәақәа рыла аԥыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр ашьҭахь ажәлар агәҭыха ӷәӷәа рымоуп. Иара иажәақәа рыла ауаа еизҵаауеит, ас еиԥш иҳараку ачын змоу ауаҩы машәырла дҭахазар, ҳара амҩақәа ҳазларнылари, иаҳзыԥшузеи ҳәа.

Зус иазҟазаз, зажәа нагаз: шықәсык Геннади Гагәылиа ида

"Сара сгәаанагарала схы зтәымкәа аԥсҟы зкуа, ҳажәлар ҭазырхо ауаа ҳара иҳаӷацәоуп. Урҭ закәанла рызныҟәара аамҭа ааит. Аҿар ииашаны рааӡара закәу еилызкаарц зҭаху, Геннади Леонид-иԥа еиҿикааз ахәаахәҭра ааглыхратә палатахь днеиааит. Иара иеиԥш аҿар ралԥшаашьа здыруаз маҷын. Аҵара зҭахыз, имаашьоз, зхы иамеигӡакәа аџьабаа збаз ракәын уа еидикылоз. Аха аҳәынҭқарра зегьы аҿы асеиԥш аҿар аус рыдулаӡам. 25 шықәса раахыс ацәгьоуцәа рхы иақәиҭны зегьы ранажьуа ҳшаауаз урҭ рхыԥхьаӡара иазҳаит, аҳәынҭқарра аасҭа еиҳахазшәа рбо иалагеит", — иҳәеит иара.

Закан Нанба иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы амашәыр аӡәгьы дацәыхьчаӡам. Аҳәынҭқарратә машьынақәа амҩа ианану акәзар, зхы пату ақәызҵо, аԥсуара ныҟәызго дарбанызаалак, даангыланы амҩа риҭар ихәҭоуп ҳәа иԥхьаӡоит иара. Насгьы дрылацәажәеит Геннади Леонид-иԥа иуаҩратә ҟазшьақәа.

Ашәба: Геннади Гагәылиа ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон

"Геннади ауаҩы даниацәажәоз иаразнак игәы иҭоу еиликаауан, имҩақәҵашьа дақәшәон. Абри уамак ала иалкааны илан иара. Ииҳәоз зегьы хра злаз ажәақәан, баша дцәажәаӡомызт. Иара уихәаԥшны дҳәынҭқарратә усуҩуп ҳәа узҳәарымызт, избанзар анхаҩ иеиԥш аџьабаа даҵагылан. Убри азы пату иқәын", — ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Ажурналист Емма Хәаџьаа лажәақәа рыла Геннади Леонид-иԥа ахьыԥшымрахь амҩа дшықәыз дҭахеит, уи амҩаҿы абри аҟара аџьабаа баны машәырла дахьҭахаз ирыцҳара дууп. Лара иазгәалҭеит анҭыҵтәи ҳазхаҵара инаҷыданы аҩнуҵҟатәи ҳҭагылазаашьа ахылаԥшра шаҭалатәу. Насгьы далацәажәеит Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҿыцу Аԥсны аҭоурых аҿы иааникылаз аҭыԥ.

"Геннади Леонид-иԥа дреиуан аԥышәа ду змаз, апрофессионалтә знеишьа аԥыжәара азҭоз, ажәлар раԥызарагьы зылшоз аполитикцәа. Уи арҵабыргуеит Аԥсны анҭыҵтәи азхаҵаразы иибахьаз аџьабаа. Иара уи ахықәкы анагӡаразы иҟаиҵаз ашьаҿақәа рыҟаҵара зылшаз маҷуп. Геннади Леонид-иԥа ажәытә политикцәа дреиуан, аха аҿатәгьы шьҭикаауан, урҭ рыҩбагьы еиҿибаауан. Ажурналистцәа рацәажәараҿгьы дманшәалан, избан акәзар иара иаартыз уаҩын", — лҳәеит лара.

Зус иазҟазаз, зажәа нагаз: шықәсык Геннади Гагәылиа ида

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы ҩышықәса Геннади Гагәылиа инапхгарала аус зуаз Шьарида Ҭыжәԥҳа илгәалалыршәеит лнапхгаҩы иусуратәи, иуаҩышьатә ҟазшьақәа.

"Геннади Леонид-иԥа еснагь ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш дазхәыцуан, ҳаргьы уи азхәыцра ҳалаиааӡон. Иара аусура аганахьала илеишәа ӷәӷәан, аха аусзуҩцәа зегьы абык иеиԥш даҳзыҟан. Иҳаиҭоз анапынҵақәа аныуадаҩызгьы, ҳхы-ҳгәы ақәлартә еиԥш ҳазнагашьа иҽақәиршәон. Ҳара зегьы бзиа ҳаибабаларц, ҳаицхырааларц азы иаргьы еилых ҟамҵакәа, аус ду ҳадиулеит. Ҳусура инаҷыданы баша ҳаԥсы анаҳшьозгьы ҳаидикылон. Иара иҿысҵааз даҽаӡәы иҿысҵаап ҳәа сыҟам. Геннади Леонид-иԥа инапхгарала аусура насыԥын сара сзы "- лҳәеит лара.

Геннади Гагәылиа Шьамтәыла иҟаз, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара зиҭоз аԥсуа делегациа дрыцны официалтә ныҟәарала Шьамтәыла даҭан. Атәыла анапхгара акортеж Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟнытә иаауан асабшаҽны, цәыббра 8 ауха.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра излаанацҳауа ала амашәыр ҟалеит амҩа 47-тәи акилометр, Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа аҳаблаҿы, 22 сааҭи 40 минуҭи рзы. Амашьына ВАЗ-2199 аныҟәцаҩ аҳәынҭқарратә машьына амҩа ахьазикыз амҩатә машәыр ахылҿиааит. Геннади Гагәылиа иҟалаз амҩатә машәыр аҿы иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.