Ашәба: Геннади Гагәылиа ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы. Ареспубликаҿ ирылаҳәоуп алахьеиқәра. Атәыла абираҟқәа лашьҭуп. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа зегь аанкылоуп.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Акыр шықəса раахыс аҳəынҭқарратə маҵзураҿы аус ицзухьаз, аиҩызара бзиа зыбжьаз, Геннади Гагəылиа иҟазшьа бзиақəа пату рықəызҵо, Аҧсны Жəлар Реизара еиҳабыс акыр шықəса аус зухьо Нугзар Ашəба, даара гəалсра дула идикылеит Аҧсны Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа амҩатə машəыр иахҟьаны иҭахара.

Бывший директор АГТРК Эмма Ходжаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хәаџьааԥҳа Гагәылиа изкны: Аԥсны азхаҵара амҩа дшықәыз дҭахеит

"Даара агəаҟра ҟалеит Аҧсны. Аҧсны аҵеицəа бзиақəа ируаӡəкыз, жəҩахырла иалырхуаз руаӡəк дҳацəҭахагəышьеит. Абаҩхатəра илаз, аусура аҿоума, аҳəынҭқарра амаҵ аураҿоума, иара еиҧш еиҿкааз, иааӡаз, адырра змаз, алшара бзиақəа змаз даара имаҷуп Аҧсынра. Ҳəарада, аҧсуа жəлар рзы, Аҧсны аҳəынҭқарра азы ааха ду ҟалеит", — иҳəеит Ашəба.

Нугзар Ашəба излаиҳəо ала, Геннади Леонид-иҧеи иареи еибадыруеижьҭеи уажəшьҭа акрааҵуеит, Риҵа аус аниуаз инаркны. Аиҩызарагьы, апатуеиқəҵарагьы рыбжьан.

"Аибашьра аныҟаз аума, аибашьра ашьҭахь аихамҩаргылараҿоума даара аџьа ду ибеит. Аџьа збаз хымҧада имаҷӡам, аха џьоукы рџьа еиҳа имаҷуп, аха Геннади Леонид-иҧа аџьагьы ибон, иус алҵшəа даара иҵаулан, иҳаракын, даара ҳҳəынҭқарра иақəшəон", — ҳəа азəеиҭоит Нугзар Ашəба.

Геннади Гагəылиеи Нугзар Ашəбеи аусеицура иалагеит 90-тəи ашықəсқəа инадыркны, Ашəба министрс дыҟан, Гагəылиа убри аамҭазы аҳəынҭқарраҿы ахеилак ҿыц ааиртит адəныҟатəи ахəаахəҭра аусқəа рыла.

"Убри инаркны даараӡа ҳаизааигəан, ҳусбарҭақəагьы еизааигəан иҟан, есҽны ҳаибабон, аусқəа еснагь ҳрылацəажəон. Имаҷҩуп Аҧсны иҟоу анапхгаҩцəа, акагь ахьыҟамыз инаркны ахеилакқəа, аминистррақəа аҧызҵахьоу. Геннади Гагəылиа уи бзианы илшон. Иахьа иҟоу аҿаргьы ирбартə иҟоуп, аха иахьа мацаракəӡам уи ианалага, 90-тəи ашықəсқəа рзы уи ахеилак закəыз ҳаздырӡомызт, иҟанаҵоз ҳаздырӡомызт. Убри зегьы еиҿикааит, аус ауа иҟаиҵеит, убри пату ақəлеит, егьырҭ аҳəынҭқаррақəа рҟынӡа аӡбахə неит, аиҭанаиааирақəа ҳабжьало иалагеит", — иҳəоит Ашəба.

Геннади Гагəылиа даара дахӡыӡаауан, пату ақəиҵон аҧсуа ҳəынҭқарра зҿыз аусқəа, тəамҩахəк имаӡамкəа иҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амшқəа рҟынӡа хамеигӡарада аус иуан.

"Иара ҟазшьак иман, ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа бзиа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон. Сара хəбаҟа шықəса ҵуеит аҳəынҭқарратə усқəа шьҭасҵеижьҭеи, 90-тəи ашықəсқəа инадыркны ҳаицын, ҳус еибыҭан. Џьара акы мҩаҧигоума, сара ак ҟасҵоума, ҳаицəажəон, ҳаицхыраауан", — ҳəа азгəеиҭоит Ашəба.

Нугзар Ашəба, иара убасгьы иазгəеиҭоит иажəеи иуси еснагь ишеимадаз, иарбан усзаалак ҟəыҕарыла дшазнеиуаз.

Щарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭыжәԥҳа: Гагәылиа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа зегьы абык еиԥш даҳзыҟан

" Убас еиҧш аамҭак ыҟан, 2002 шықәса инаркны иара Аҧыза-министрс даныҟаз, нас атəыла Ахада иусбарҭа еиҳабыс аус аниуаз, усҟан иааигəаны аус еицаҳуит. Усҟангьы аиҿагыларақəа цон, ус иҟалеит аамҭак нас, уи аганахь алагьы Гагəылиа аҟазара ду ааирҧшит, аҭыӡшəа алымхӡакəа аусқəа рыӡбашьа дақəшəон. Абас еиҧш аусқəа аныҟалоз иареи сареи ҳааидтəаланы ҳаицəажəон, иаргьы Владислав иахь дцон, саргьы изымуаз рахь сцон. Абасала ирацəоуп еиҿаҳкаауаз аусқəа", — иҳəеит Нугзар Ашəба. Аҳəынҭқарра Ахада иусбарҭа напхгаҩыс даныҟарҵа аума, Аҧыза-министрсгьы даныҟаз аума, иара еиҧш аусқəа мҩаҧызгоз уаҩ дыҟамзар ҟаларын, уи сара сгəаанагароуп. Иара ҩнуҵҟала убас еиҧш енергиак иман, зегьы ирыцраиҵон".

Аҳəынҭқарра аус аҟны ахымҩаҧгара, азакуан ақəныҟəара, уи анагӡара даара пату ақəиҵон Геннади Леонид-иҧа.

"Ирҳəоит атеатр амаҭəа ахшьырҭа ала иалагоит ҳəа, аусурагьы адисциплина ала иалагоит, арежим нагӡатəуп. Ауаҩытəыҩса иара илазароуп арҭ аҟазшьақəа. Аҧсны Аҳəынҭқаара аныҟəгара иааннакыло ароль даара идууп. Ауаа зыргəаҟуа зегьы анагӡара уадаҩуп, аҳəынҭқарра ианалымшоугьы ыҟоуп. Аха, иара иахь инеиз ауаҩы дгəаан ахаан дымцаӡацызт, рацəажəашьа идыруан, проблемас ирымаз далацəажəаны, ргəы камыжькəа имҩаҧигон.. Геннади даҽакала дыҟан…", — иҳəеит иҩыза Нугзар Ашəба.

Ажәабжьқәа зегьы
0