Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Абжьыҭарахь инеиит 65,98 % алхыҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа рыла Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны иара изы рыбжьы арҭеит 47, 38%, Алхас Кәыҵниа изы – 46, 19%.

Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3154 –ҩык алхыҩцәа.

Ахыркәшаратә еихшьаалақәа рылаҳәахоит хымш рышьҭахь.

Апартиа "Амцахара" аԥхьагыла алхрақәа рылкаақәа дрықәшаҳаҭым. Аус аӡбарҭа иеиҭараны дыҟоуп. Ҭамаз Гогьиа уи мап ацәикуам, азин имоуп ҳәа ахиҳәааит.

Ҭамаз Гогьиа иара убасгьы иазгәеиҭоит алхрақәа еилагарада имҩаԥысит ҳәа, абжьыҭарахь инеиит 65,98 % ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Кәыҵниа абжьыҭара алҵшәақәа рзы ашшра игәҭакуп
  • АКХ: ишьақәыргылоуп алхрақәа рлахәылацәа ахыԥхьаӡара