Ҭамаз Гогьиа: Аԥсны АКХ алхрақәа аҩбатәи ртур азы макьана алкаақәа ҟанамҵаӡацт

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Sputnik адырра аиҭеит ҳтәыла ахада иалхрақәа актәи ртур азтәи заанаҵтәи адыррақәа анрыларҳәо.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхратә комиссиа хада аҩбатәи атур заанаҵтәи алҵшәақәа рзы макьана алкаақәа ҟанамҵаӡацт, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Макьана аԥкаанҵақәа аус рыдулара ҳаҿуп, акандидатцәа рыштабқәа ртәы ҳҳәозар, урҭ рхала ирыԥхьаӡоит, дара ирымоуп арҭ аԥкаанҵақәа рыхкьыԥхьаақәа, убарҭ рылоуп ишырԥхьаӡо. Заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ ауп ирылазҳәо", - иҳәеит инаҵшьны Ҭамаз Гогьиа.

Алхрақәа рҟны абжьыҭара заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит цәыббра 9 рзы

Аԥсны АКХ аофициалтә дыррақәа рыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит амҽыша, цәыббра 8 рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.

Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат. Рауль Ҳаџьымба ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Аслан Барцыц, уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы имаҵура дахагылоуп. Алхас Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Дмитри Дбар.

Аԥсны АКХ иаанацҳауеит атәылаҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 152 шыҟоу, атәыла анҭыҵ ҩба - Москвеи Черқьесски.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.