00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Алхрақәа рҟны абжьыҭара заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит цәыббра 9 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы а Абхазии
Выборы а Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аус руан 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭара заанаҵтәи алҵшәақәа АКХ ирыларҳәоит ашәахьа цәыббра 9 рзы, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Аԥсны алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аркуп

Иара убас, иара излеиҳәаз ала, уажәы абжьқәа рыԥхьаӡара иаҿуп. АКХ ахантәаҩы иажәақәа рыла, алхрақәа рылҵшәа анырра азҭар зылшоз еилагара ҳәа акгьы ыҟамызт. Ҭамаз Гогьиа иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа активла рхы рыладырхәит ахада иалхрақәа.

АКХ адыррақәа рыла, асааҭ 18:00 рзы ауаа рааира иартәеит 50,99%. Уи иаанагоит зааира хымԥадатәиз 25% иахыԥеит. Аха макьана алхрақәа шьақәгылеит ҳәа узыҳәом, избанзар аграфа "зегьы ирҿагылоу" абжьқәа реиҳарак аиур ҟалоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы аҩбатәи атур аҟны иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.

Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат. Рауль Ҳаџьымба ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Аслан Барцыц, уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы имаҵура дахагылоуп. Алхас Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Дмитри Дбар.

Аԥсны АКХ иаанацҳауеит атәылаҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 152 шыҟоу, атәыла анҭыҵ ҩба - Москвеи Черқьесски.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0