Ԥсҳәы ақыҭантәи абжьыҭира алхрақәа рзеиԥш еихшьаалақәа анырра рзыҟанаҵом

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭантәи абжьыҭира алхрақәа рзеиԥш еихшьаалақәа анырра рзыҟанаҵом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит

"Аԥсны АКХ макьаназы Ԥсҳәытәи алхырҭатә ҭыԥ аҿтәи абжьқәа рымԥхьаӡаӡацт. Аха алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иахьырԥшны уи нырра дук ҟанаҵом", - иҳәоит Гогьиа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 742-ҩык – 46,19%, Рауль Ҳаџьымба изы 39 741-ҩык – 47, 38%.

Зынӡа иааидкыланы цәыббра 8 рзы рыбжьы арҭеит 83 883-ҩык ауааԥсыра. Уи азеиԥш сиа ахыԥхьаӡараҟынтә иартәоит 65, 98%.

Абжьыҭара аофициалтә еихшьаалақәа Аԥсны АКХ ирыланаҳәоит цәыббра 9 рзы.

Аԥсны ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Аамҭак ала иалырхуан ахада ихаҭыԥуаа – Аслан Барцыци (Рауль Ҳаџьымба) Дмитри Дбари (Алхас Кәыҵниа).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Апарламент аиҳабы алхрақәа аҩбатәи ртур аихшьаалақәа ахәшьара риҭеит
  • АКХ: ишьақәыргылоуп алхрақәа рлахәылацәа ахыԥхьаӡара