Ҳаџьымба атәыла ахада инапынҵақәа реихшара дақәшаҳаҭуп

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәыла ахада иалхрақәа реихшьаалақәа рышьҭахь апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциаҿы иҳәеит еснагь дшадгылаҩыз атәыла ахада инапынҵақәа реихшара.

"Ҳара ари ҳалацәажәахьан, акьыԥхь аҿы иаҳарбахьан. Аха џьоукы уи ԥсыҽраны ирбеит. Уи ус акәым", - иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба Кәыҵниа алхрақәа реихшьаала дахьақәшаҳаҭым азы: азин имоуп

Ҳаџьымба дзақәшаҳаҭхом атәыла ахадас иҟазаараан атәыла аҿиаразы иҵоуроу акгьы ҟаҵамызт ҳәа иаппонентцәа ирҳәо.

"Аконституциатә реформақәа ракәзар, сара еснагь иџьасшьоит абарҭ аамҭақәа рзы урҭ рганахь ала акгьы ҟаҵамызт ҳәа анырҳәо. Иҟаҵоу рацәоуп. Азинмчрақәа реихшара рганахь ала иаԥҵан акомиссиа абри азҵаара аус адызулоз. Ибзианы исгәалашәоит џьоукы-џьоукы апарламенттә республикахь ииастәуп ҳәа ишыршьоз, азинмчрақәа реихшара ахәҭаны ишырымбоз, ахада инапаҿы зегьы ыҟазароуп ҳәа ишыршьоз. Иахьа аҽа цәажәарақәак ыҟоуп. Аԥсҭазаара иаҳнарбоит иарбан реформақәаны иахәҭаны иҟоу", - иҳәеит ахада.

Аԥсны АКХ цәыббра 9 рзы ирыланаҳәеит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аихшьаалақәа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуаз иаартын 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москвеи Черқьесски.

Атәыла ахада иҭыԥ азы еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766 –ҩык алхыҩцәа.

Официалла абжьыҭарҭа ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.

Цәыббра 9 рзы ирылаҳәан Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа. Аха ари иақәшаҳаҭым Алхас Кәыҵниа иштаб.