АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхас Кәыҵниа алхрақәа аҩбатәи ртур реихшьаала дахьақәшаҳаҭым, Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы дышшраны дыҟоуп. Уи иара азин имоуп ҳәа иҳәеит АИХ злахәыз абрифинг аҿы Рауль Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиеҭит атәылаҿ аҭышәынтәалара ҟаларц азы амчрақәа зегьы аус рыцура дшақәшаҳаҭу.
Аԥсны АКХ цәыббра 9 рзы ирыланаҳәеит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аихшьаалақәа.
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуаз иаартын 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москвеи Черқьесски.
Атәыла ахада иҭыԥ азы еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766 –ҩык алхыҩцәа.
Официалла абжьыҭарҭа ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.
Цәыббра 9 рзы ирылаҳәан Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа. Аха ари иақәшаҳаҭым Алхас Кәыҵниа иштаб.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит