Арадио

Чачхалиа "Аԥсуа тур Сҭамԥыл" азы: аԥсуаа ирыдҳәалоу аҭыԥқәа рышьҭала еиҿкаауп

"Аԥсуа тур Сҭамԥыл" ҳәа хьӡыс измоу аныҟәара иаҵанакуа аҭыԥқәа ртәы, насгьы уи ҷыдарас иамоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аилахәыра "АКВА-Абаза" адиректор хада, аҭоурыхдырыҩ Денис Чачхалиа.
Sputnik
Чачхалиа "Аԥсуа тур Сҭамԥыл" азы: аԥсуаа ирыдҳәалоу аҭыԥқәа рышьҭала еиҿкаауп

"Ҳара ҳазҿу, аклассикатә программа Сҭамԥылтәи аекскурсиақәа ҳәа егьырҭ имҩаԥырго еиԥшны, еицырдыруа аҭыԥқәа, акультуратә баҟақәа, аргыларатә баҟақәа алаҵаны, аха ҳазлаԥсыуаау ала, ҳгәы злабылуа ала, ҳауаажәларгьы ҳаарызхәыцны ишьақәҳаргылеит. Уамак уаҩы изымдыруа, арҵагатә шәҟәқәа ирылам ахҭысқәа, ахаҿсахьақәа, иналукаша аԥсуаа Византиатәи аҳәынҭқарра анапхгараҿы иҟаз уҳәа убас инарҭбааны еиҿкаауп аныҟәара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чачхалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.