Чачхалиа Аԥсуа тур Сҭамԥыл азы: уамак идырым, аԥсуаа ирыдҳәалоу аҭыԥқәа рышьҭала еиҿкаауп
"Ҳара ҳазҿу, аклассикатә программа Сҭамԥылтәи аекскурсиақәа ҳәа егьырҭ имҩаԥырго еиԥшны, еицырдыруа аҭыԥқәа, акультуратә баҟақәа, аргыларатә баҟақәа алаҵаны, аха ҳазлаԥсыуаау ала, ҳгәы злабылуа ала, ҳауаажәларгьы ҳаарызхәыцны ишьақәҳаргылеит. Уамак уаҩы изымдыруа, арҵагатә шәҟәқәа ирылам ахҭысқәа, ахаҿсахьақәа, иналукаша аԥсуаа Византиатәи аҳәынҭқарра анапхгараҿы иҟаз уҳәа убас инарҭбааны еиҿкаауп аныҟәара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чачхалиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.