Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит

Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир мҩаԥысуан Шәача, цәыббра 14 -19 рзы. Иара иалахәын 40-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәа-шықәса зхыҵуа Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Алла Траиста аиааира лгеит Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир аҟны. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит лазыҟаҵаҩ Саид Бебиа.

Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит

Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир мҩаԥысуан Шәача, цәыббра 14 - 19 рзы. Иара иалахәын 40-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылоз Траиста заҵәык лоуп.

"Алла хә-еиԥыларак мҩаԥылгеит. Афинал аҿы длындаҭлон шәачатәи аԥкьаҭасыҩ Алина Табакаева. Алла аԥкьаҭ дасуеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Ари аиндаҭлараҿы лиааира лреитинг иацнаҵоит. Уаанӡа лара 9-10 шықәса зхыҵуаз рыбжьара ажәабатәи аҭыԥ аанылкылон", - иҳәеит Бебиа.

Аԥхьахәк аҳасаб ала лара иланаршьеит аиааиҩы ихраҿа, шәачатәи ацирк ахь абилеҭ, аҳаҭыртә шәҟәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: