Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит

© Foto / Саид БебияАԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит
Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир мҩаԥысуан Шәача, цәыббра 14 -19 рзы. Иара иалахәын 40-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәа-шықәса зхыҵуа Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Алла Траиста аиааира лгеит Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир аҟны. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит лазыҟаҵаҩ Саид Бебиа.

© Foto / Саид БебияТурнир российского теннисного тура "Кубок Федерации города Сочи"
Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩ Шәача атурнир аҿы аиааира лгеит - Sputnik Аҧсны
Турнир российского теннисного тура "Кубок Федерации города Сочи"

Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур "Афедерациа Ахраҿа" атурнир мҩаԥысуан Шәача, цәыббра 14 - 19 рзы. Иара иалахәын 40-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылоз Траиста заҵәык лоуп.

"Алла хә-еиԥыларак мҩаԥылгеит. Афинал аҿы длындаҭлон шәачатәи аԥкьаҭасыҩ Алина Табакаева. Алла аԥкьаҭ дасуеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Ари аиндаҭлараҿы лиааира лреитинг иацнаҵоит. Уаанӡа лара 9-10 шықәса зхыҵуаз рыбжьара ажәабатәи аҭыԥ аанылкылон", - иҳәеит Бебиа.

Аԥхьахәк аҳасаб ала лара иланаршьеит аиааиҩы ихраҿа, шәачатәи ацирк ахь абилеҭ, аҳаҭыртә шәҟәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0