АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа ашьхатә полигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҟни амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуази аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа акәны дара ирывагылан аԥшыхәратә ҟәшақәа. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, атанкқәа Т-72Б3, КамАЗ, "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп.
Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 300 рҟынӡа атехника, иара убасгьы акәылӡтәы машьынақәа "Тигр", аԥшыхәратә машьынақәа, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа, атанкқәа Т-72Б3.
Аррамаҵзурауаа ирҵоит адәтәы лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, атактикатәи анџьныртәи ҽазыҟаҵара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аррамаҵзурауаа "иреиӷьу аԥшыхәыҩ" дрылыркаауан