Аԥсны иҟоу Урыстәыла аррамаҵзурауаа "иреиӷьу аԥшыхәыҩ" дрылыркаауан

Военнослужащие ЮВО в Абхазии впервые двустороннее учение против разведывательного подразделения
Военнослужащие ЮВО в Абхазии впервые двустороннее учение против разведывательного подразделения  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьхаратә полигон Ҵабал аҟны арратә ҽазыҟаҵара апрограммала атеоретикатәи апрактикатәи дыррақәа рзы еиндаҭлоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ААО аррамаҵзурауаа.

АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи Арратә Округ аррамаҵзурауаа рыԥшыхәратә ҟәшақәа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи Арратә Округ иреиӷьу аррамаҵзурауҩ-ԥшыхәыҩ иалкааразы хымштәи аиндаҭларақәа мҩаԥыргон. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.

Военнослужащие ЮВО в Абхазии предотвратили захват военной техники в ходе тренировки по антитеррору - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи арратә округ аснаиперцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аррамаҵзурауаа агеографиатәи апсихологиатәи ԥынгыла уадаҩқәа ирхысит. Уи азы рхы иадырхәеит аҵара-ҽазыҟаҵаратә комплекс. Акомплекс ҳаамҭазтәи бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа рҭагылазаашьақәа рҟны аус адуланы иаԥҵан.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа "Аԥшыхәҩы ицәаҳәа" иахысит. Ари ацәаҳәа маршрут ҷыдоуп, километрак инеиҳаны аура амоуп, 23 ԥынгыла рыла ишьақәгылоуп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥынгылақәа иреиуан: амца зкыз аҭыԥ, ахраҿҟьара, аимитациатә хархәагақәа рнырра, иара убасгьы аӡиас аӡхыҵреи 30 метра рҟынӡа иҟоу адгьылаҵатәи акоммуникациақәа рхысреи.

Аԥшыхәыҩцәа иара убасгьы напышьашәалатәи ақәԥарази, аԥшыхәреи, аимадареи, анапхгараҟаҵареи ркомплексқәа "Стрелец" ахрархәарази аԥышәарақәа рҭиит.

Аиндаҭларақәа аҵыхәтәантәи рымш азы рҟазара аадырԥшит аӷа итыл аҿы адиверсиатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгарази аԥсабараҿ ирымԥыхьашәо ахархәагақәа рыла аԥхьарҭа ҭыԥқәа реиҿкаараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0