АҞӘА, цәыббра 24– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит цәыббра 23 рзы Пицундатәи ауахәамаҿы. Аконцерт еизнагеит 200 000 мааҭ аԥара ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Сынтәа аконцерт иаҭааит еиҳа ирацәаҩны ҵыԥх аасҭа. Акоммерциатә еилахәырақәагьы аԥара ахырыԥхьаӡалеит. Амчыбжь анҵәамҭазы аҳасабырба ҟаҳҵар ҳалшоит. Ус шакәугьы аконцерт иадаҳҳәалоз ҳгәыӷрақәа зегь намӡеит", - лҳәеит лара.
Аконцерт иаанашьҭыз аԥарақәа азырхахоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Олесиа Кәарҷелиаԥҳа. Лара лыхәышәтәразы 300 000 мааҭ рҟынӡа аԥара аҭахуп.
Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт Пицундатәи ауахәамаҿ амҩаԥгаразы апроект хацыркын 2014 шықәса рзы.
Хәышықәса рыҩнуҵҟала еизган ҩ-миллионк инарзынаԥшуа аԥара. Абри аамҭазы апроект рҽаладырхәит еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, ахазхаҿқәа.
Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт Пицундатәи ауахәамаҿ амҩаԥгаразы апроект хацыркын 2014 шықәса рзы. Уажәтәи аконцерт аҟны еизыргаз аԥара аздырхоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Олесиа Кәарҷелиаԥҳа лыхәышәтәра.
Ауснагӡатә аиҿкааҩ – Афонд ашьаҭаркыҩ Азамаҭ Багаҭелиа.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны – Аклассикатә музыка есышықәсатәи агәыҳалалратә концерт информациатә партниорс иазыҟоуп.