Аԥсны ахада Шьамтәылатәи аделегациа идикылараны дыҟоуп

Шьамтәыла ахада Башар Асад адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭхьан Рауль Ҳаџьымба. Ашәҟәы аҿы иазгәаҭан Шьамтәылеи Аԥсныи ԥхьаҟагьы русеицура арҿиаразы иалшо зегь шыҟаҵахо.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла Апарламент адепутатцәа рделегациа, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иалахәыз дырԥылараны дыҟоуп жьҭаара 1 азы.

Уаанӡа Шьамтәыла ахада Башар Асад адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭхьан Рауль Ҳаџьымба. Ашәҟәы аҿы иазгәаҭан Шьамтәылеи Аԥсныи ԥхьаҟагьы русеицура арҿиаразы иалшо зегь шыҟаҵахо.

"Аиҩызара зыбжьоу ҳаҩ-жәларык ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи рзы иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо атәы", - инаҵшьны иазгәеиҭеит Башар Асад.

Лаҵарамза 26 2018 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи алаҳәара ҟарҵеит рҳәынҭқаррақәа  рхьыԥшымра шеицазхарҵази адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵази рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: