Донецки Лугански аобластқәа рҟны ауаа рышәҟәҭаҩра хацдыркит

Украина, Донецки Лугански аобластқәа рҟны лаҵара 11 2014 шықәса рзы арегионқәа рыстатус азы ареферендум мҩаԥган. 90% рҟынӡа алахәылацәа рыбжьы рҭиит Донецки Лугански аобластқәа рхьыԥшымразы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Донецки Лугански аобластқәа рҟны раԥхьаӡа акәны ауаа рышәҟәҭаҩра хацдыркит. Ареспубликақәа рыҩба рҟны ауааԥсыра ашәҟәы рҭаҩра мҩаԥгахоит жьҭаара 1 - 14 рзы.

"Иахьа инаркны ареспубликаҿы раԥхьаӡа акәны ихацыркуп ауааԥсыра ашәҟәы рҭаҩра. Иара мҩаԥысуеит жьҭаара 14 рҟынӡа. Ашәҟәҭаҩра иалнаршоит  арегионқәа руааԥсыра рыструктуратә еилазаареи рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара", - азгәарҭеит ДЖәР аекономикатә ҿиара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Ашәҟәҭаҩра аихшьаалақәа рылаҳәахоит иааиуа ашықәс азы.

Лугансктәи жәлар рреспубликаҿы аихшьаалақәа ртәы рылаҳәахоит 2020 шықәса мшаԥы 30 рзы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин мшаԥы 24 рзы инапы аҵеиҩит ЛЖәР, ДЖәР руааԥсыра еиҳа ирмарианы иҟоу аформала урыстәылатәи апаспортқәа рыҭара мҩаԥгазарц азы Аусԥҟа. Абри ашьҭахь иаартын урыстәылатәи апаспортқәа ахьрырҭо Ацентрқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: