ЛЖӘр 20000 документ аларҵахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛЖӘр 20000 документ аларҵахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы
ЛЖӘр 20000 документ аларҵахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит аусԥҟа Украина, Лугансктәиии Донецктәии аобластқәа руааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара имариоу аформала аиҿкааразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 29– Sputnik. Лугансктәи жәлар рреспубликаҿы 20000 документ аларҵахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ЛЖәР аиустициа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Анна Авильцева ԥхынгәы 29 рзы абрифинг аҿы ишылҳәаз ала иалагалоу адокументқәа аус рыдулара иаҿуп.

Луганск имҩаԥысыз Урыстәыла амш азы амитинг - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа идуу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аадыртит Луганск

2019 шықәса мшаԥы 24 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит аусԥҟа Украина, Лугансктәиии Донецктәии аобластқәа руааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара имариоу аформала аиҿкааразы.

Абри ашьҭахь мчыбжьык аҩныҵҟала иаартын урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭарҭа Ацентрқәа.

Урыстәыла ахада иӡбразы иазгәеиҭеит Киев аԥынгылақәа азура гәҭакны ишыҟам аха Донбасс ауааԥсыра рзинқәа рыларҟәра аҳәаақәа зегьы ирҭысит ҳәа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Урыстәыла инхоит 2,3 миллионҩык Украина ауааԥсыра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0