Очамчыратәи ашкол № 2 аремонт ашьҭахь аусура хацнаркит

Очамчыратәи абжьаратә школ № 2 аҟны аремонт усурақәа ирылаган 2018 шықәса нанҳәамзазы. Аремонттә усурақәа мҩаԥысуан ареспубликатә биуџьет ахархәарала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Очамчыратәи ашкол № 2 аремонт ашьҭахь аусура хацнаркит жьҭаара 2 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ашкол адиректор Илона Дамениаԥҳа.

Џьынџьиа Очамчыратәи аҩбатәи ашкол азы: иарбаз аҿҳәаразы аҵарашықәс хацыркхоит

"Иахьа аремонттә усурақәа рышьҭахь ҳашкол аусура иалагеит: аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥаагеит, 2019-2020- тәи аҵарашықәс ҳалагеит", - лҳәеит лара.

Адиректор лажәақәа рыла ашкол ахь инеиит 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

Очамчыратәи абжьаратә школ № 2 аҟны аремонт усурақәа ирылаган 2018 шықәса нанҳәамзазы. Аремонттә усурақәа мҩаԥысуан ареспубликатә биуџьет ахархәарала.

Иара убас, уажәтәи аамҭазы аремонттә усурақәа ирҿуп 2019 шықәса лаҵарамзазы абылра иақәшәаз Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны.

"Акорпусқәа ҩба ремонт ахыркәшарахь инеихьеит. Акорпус хадаҿы аҟаҵатәқәа ыҟоуп. Аргылаҩцәа ишазыԥхьагәарҭо ала аусурақәа лассы ихыркәшахоит", - лҳәоит Аҟәатәи абжьаратә школ № 2 адиректор Ирина Повирскер.

Ашкол аҿы ахәыҷқәа макьаназы ҩ-сменакны рҵара еиҿкаахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: