Аҟәа ақалақь апрокуратура аҩбатәи ашкол амцакра аҭҵааразы агәаҭарақәа хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны иҟалаз абылра
Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны иҟалаз абылра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, лаҵара 2 рзы Рауль Ҳаџьымба Аҟәатәи аҩбатәи ашкол амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы имҩаԥигаз аилатәараҿы Апрокуратура хада дҵас иеиҭеит ари ахҭыс иақәнагоу агәаҭара мҩаԥнагарц азы.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Лаҵара 2 рзы Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны иҟалаз абылра афакт ала Аҟәа ақалақь апрокуратура имҩаԥнагоит ашьаустә гәаҭарақәа. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура аофициалтә саит.

Аҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит

Уажәтәи аамҭазы ашкол иҩналаны иахәаԥшхьеит, афымцамҩангагақәеи, афымцамыругақәеи, ахыб ахәҭақәеи раиуақәа алхны иргеит, анаҩс абылра-техникатә експертиза амҩаԥгаразы, рҳәеит адырраҿы. Аҟәатәи апрокуратураҿы иазгәарҭеит ашкол уажәтәи аҭагылазаашьа злаҟоу ала, уа аҵаратә процесс амҩаԥгара шалымшо.

Ҳаџьымба Апрокуратура хада дҵас иеиҭеит ари абылра ахҭыс инамаданы агәаҭара мҩаԥнагарц азы.

Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла еилкаахоит иҟалаз абылраҟны ацәгьоура аҭыԥ амазу иамамзу.

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25 аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0