Адлеиба имҩаҿы аӡымҩангагақәа рыԥсахуеит

Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы инхо ауааԥсыра аҳҭнықалақь ахадарахь аҳәара ҟарҵеит аӡымҩангага аремонт азухарц.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3- Sputnik. Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы шәметрак инаӡо аӡымҩангага аԥсахра напаланакит АУН "Аремонт-ргыларатә усбарҭа". Иԥсаххоит 100 миллиметрак зыҭбаара ыҟоу аӡымҩангагатә цәаҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь асаит.

"Аҟәа ақалақь Алашарбага араион, Адлеиба ихьӡ зху амҩаҿы инхо ауааԥсыра аҳҭнықалақь ахадарахь аҳәара ҟарҵеит аӡымҩангага аремонт азухарц. Аӡымҩангага акырџьара аӡы ацәцон. Ақалақь ахадара анапынҵала ҳара аремонттә усурақәа хацҳаркит", - иҳәоит РСУ адиректор Даур Пачкориа.

Аремонттә усурақәа хыркәшахоит жьҭаара 4 рзы.