АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Аԥсуа спортсмен Баџьа Хәытаба радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Токиоҟа ацара иҽшазыҟаиҵо, акомандаҿ егьырҭ аспортсменцәеи иареи реизыҟазаашьақәа шышьақәгылаз ртәы.
Хәытаба иҳәеит Аолимпиадаҿы ахьтәы медал аиура дшазыԥшу, дшақәгәыӷуа.
"Токио имҩаԥысраны иҟоу Аолимпиатә хәмаррақәа сыҽрыласырхәыртә азин ансоу раԥхьа исыдызныҳәалаз сан лоуп. Лара исалҳәеит ҳҭаацәара зегьы ажәабжь бзиа агәахәара ду шырнаҭаз. Убри аамҭазы сара еилыскааит хымԥада Аолимпиадаҿ ахьтәы медал аиура сылсыршар шакәу", - иҳәеит аспортсмен.
Аолимпиада хәмаррақәа раан Хәытаба Шьамтәыла абираҟ даҵагыланы дықәгылоит.
Уаанӡа, Шьамтәыла ахьӡала Хәытаба адунеи Ачемпионат аҿы 2019 шықәса рзы Нур-Султан ақалақь аҿы дықәгылахьан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуа қәԥаҩцәа Жәларбжьаратәи атурнир иалахәхоит
Хәытаба еиҭеиҳәеит Шьамтәыла ахьӡала аԥсуа спортсмен Ҟазахсҭан иқәгылара шыҟалаз