АҞӘА, жьҭаара 3– Sputnik. Амҽыша, жьҭаара 12 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоуп аҽаҩраныҳәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иура Кәарцхьиа.
"Ҳара ауснагӡатә ҳҽазҵәылхны ҳҽазыҟаҳҵоит. Апрограмма азырхианы иҟоуп: ақыҭанхамҩатә аалыҵ ацәыргақәҵа еиҿкаахоит, иҟалоит аҽырыҩра, аҽырхәмарра, аконцерт. Аныҳәа иаҭаараны иҟоуп Аԥсны ажәлар, ахадара, атәыла асасцәа", — иҳәеит иара.
2019 шықәса рзы Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоу аҽаҩраныҳәа иалахәхоит заалыҵ ӡырызго ақыҭақәа 20, иара убасгьы Гәдоуҭеи Афон Ҿыци ақалақьқәа.
Ҭагалан- аҽаҩра барақьаҭ ианыҳәоуп. Абри аамҭазы анхаҩцәа шамахамзар адәы иқәыргоит раарыхымҭа, иҭарҭәоит аҩы. Лыхнашҭа аҽаҩраныҳәа азгәарҭо иалагеит асовет аамҭақәа раан.
Ари амш аҽны аҽыбӷаҟазаҩцәа еиндаҭлоит рҟазараҿы, ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбльқәа рхатә программала иқәгылоит. Афатә акәзар, асасцәа рыла ишабо иҟарҵоит. Асеиԥш иҟоу аныҳәа ажәытәра иагахьоу аҵасқәа, ақьабызқәа, ахәмаррақәа, акәашарақәа, ашәақәа аҿыц ԥсҭазаара рнаҭоит.
Лыхны –Аԥсны иреиҳаӡоу ақыҭақәа иреиоуп. Араҟа ираҳҭынран аԥсуа аҳцәа, диит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба, араҟа анышә дамадоуп Кавказ аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа.
Лыхнашҭа – аҭоурыхтә ҵакы змоу ҭыԥуп, ажәлар рлахьынҵа ахьырыӡбо, аизара дуқәа ахьымҩаԥысуа.
Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит. Афатә-ажәтә шамахамзар ауаа ирбо-ираҳауа иара аҭыԥ аҿы идырхиоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: