Арадио

Арҷелиаԥҳа агрипп аҟынтәи алаҵазы: ҭагалан иаҳа еиӷьуп аҟаҵара

Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы авакцина.
Sputnik
Арҷелиаԥҳа агрипп аҟынтәи алаҵазы: ҭагалан иаҳа еиӷьуп аҟаҵара

"Ҵыԥх иҳамаз авакцина аҩыза ауп сынтәагьы иҟоу, даара ибзиоуп, ауаа ирыхәоит. Абжьааԥны ашықәс ҿыц ҳанҭалоз агәыҵәкра змаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара рацәан.  Ари авакцина иахҟьаны аума мамзаргьы ҳгәабзиара еиӷьхоу аҳәара уадаҩуп, аха ачымазцәа иаҳа еиҵан. Алаҵа ҟарҵоит аполиклиникақәа рҟны, ашколхәыҷқәа аҵара ахьырҵо ирзымҩаԥыргоит. Авакцина аҟаҵараан аҳақьымцәа уи ԥырхага ҟанамҵарц иахәаԥшыроуп ауаҩы ашоура, аллергиа имоу имаму, игәабзиара уашәшәыразар ирҳасабуеит алаҵа аҟаҵара ҟало иҟамло. Агрипп чымазара аҟынтәи алаҵа ҭагалан иҟауҵар иаҳа еиӷьуп, уи хәыда-ԥсада аполиклиникақәа рҟны иҟарҵоит", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра х-еилазаарак змоу алаҵа ҿыц 15 нызқь цыра аанахәеит, ҳәа уи аԥхьа Sputnik адырра алҭахьан ареспублика асанитартә ҳақьым хада. Аимҳәа агәыԥқәа А, В хызҽуа х-еилазаарак змоу алаҵа Урыстәыла аус адуланы , иҭрыжьит 2019 шықәса рзы, Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ибзиоуп ҳәа ахәшьара анаҭеит.

Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: