Скорик: Аԥсны абҷы чымазара аҭыԥ амоуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлаҵа
Алаҵа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иазԥхьагәанаҭоит атест-системақәа раахәара. Дара иалдыршоит ачымазара иаҿагылоу амаҭәашьарқәа ауаҩԥсы ишьа ралазаара агәаҭара.

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. 2019 шықәса алагамҭа инаркны ҳтәылаҿ иазгәаҭоуп абҷы чымазара ахҭысқәа 20. Абри атәы радио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"2019 шықәса аҩныҵҟа Қырҭтәыла абҷы чымазара ахҭысқәа 1087 азгәаҭоуп. Ҳара ҳҿы аҭагылазаашьа еиӷьуп, избанзар Гали Тҟәарчали араионқәа рҿы алаҵамҩаԥгара ианаамҭаз имҩаԥыргеит. Ус шакәугьы, ҩажәа хҭыс ҳамоуп. Хәҩык Тҟәарчал араион аҿы ичмазцәахеит, 15-ҩык - Гал араион аҿы", - ҳәа еиҭалҳәоит Скорик.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

Лара лажәақәа рыла, ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы чмазцәахоит. Уи зыхҟьо дара ианаамҭаз алаҵа ахьыҟарымҵаз ауп. Абҷы аҽацәыхьчаразы фышықәсанӡа ҩынтә алаҵа ҟаҵатәуп.

"Алаҵа змам ауаҩы ичмазаҩу дахьыҟоу дыҟазар, 100% иаргьы дычмазаҩхоит. Абҷы аҽацәыхьчаразы фышықәсанӡа ҩынтә алаҵа ҟаҵатәуп. Ичмазцәахаз зегь рҟынтәи аӡә ида егьырҭ алаҵа рымамызт. 17-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб знык ауп алаҵа анылзыҟаҵаз. Аҩбатәи алаҵа лзыҟаҵамызт", - ҳәа лҳәоит аҳақьым хада.

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, иахьазы ирацәаҩуп алаҵа иаҿагыло ауаа. Аԥсны алаҵақәа хәыда-ԥсадоуп.

"Аҭаацәа рхәыҷқәа аполиклиникаҿ инаган алаҵа рзыҟарҵароуп. Алаҵа змам ахәыҷы хымԥада дычмазаҩхоит. Быжьшықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа зегьы абҷы аҽацәыхьчаразы алаҵа хымԥада ҩынтә ирзыҟаҵатәуп", - ҳәа лҳәоит лара.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адуцәа рзы иазԥхьагәанаҭоит атест-системақәа раахәара. Дара иалдыршоит абҷы иаҿагылоу амаҭәашьарқәа ауаҩԥсы ишьа ралазаара агәаҭара. Урҭ ауаҩы ицәеижь аҟны рхыԥхьаӡара маҷзар, алаҵа изыҟарҵоит.

"Абҷы - ишәарҭоу чмазароуп. Излаҽыз ауаҩы иԥсҭазаара иалҵра аҟынӡа днанагар алшоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Скорик лажәақәа рыла, абҷы аҽацәыхьчаразы Аԥсны алаҵа ыҟоуп. Ианаамҭаз излазымҵаз дарбанызаалак илшоит аполиклиникаҿ днеины иҟаиҵар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0