Аҩнатәԥстәқәа ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа рзыҟарҵоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҩнатәԥстәқәа ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа рзыҟарҵоит
Аҩнатәԥстәқәа ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа рзыҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа адагьы ареспублика аҳәынҭқарратә ветеренартә маҵзура имҩаԥнагараны иҟоуп аԥстәи аԥсасеи ргәабзиара аҭҵаара.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сынтәа, ҭагалан аҩнатәԥстәқәа ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа рзыҟарҵоит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ареспублика аҳәынҭқарратә ветеренартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

Роман Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа арахә чымазара иазкны: ауаҩы игәабзиара ԥырхага анаҭом

"Ажәзҩа аҟынтәи аԥстәи аԥсасеи шықәсык ахь знык алаҵа рзыҟарҵоит. Апроцесс ҳазҭо амзазы амҩаԥгара ҳалагоит. Зегьы аҳауатә ҭагылазаашьа иахьырԥштәхоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ветеренартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа иҳәеит Аԥсны аҩнатәԥстәқәа ажәзҩа рымоуп ҳәа изныкымкәа ашәарҭара ыҟаны ишацәшәахьаз аха уи шьақәырӷәӷәамхеит.

"Ус шакәугьы алаҵа ҟаҵалатәуп ашәарҭара аҽацәыхьчаразы. Ари ачымазара аҭыԥ аман ииасыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раан" ҳәа иҳәеит Роман Џьопуа.

Есышықәса ажәзҩа алаҵаҟаҵара аламҭалаз араионқәа рхадарақәа рҿы аизарақәа мҩаԥыргоит. Аветеранартә ҳақьым ирылеиҳәоит алаҵа амҩаԥгара ишалаго.

"Аизарақәа рҟны ақыҭақәа рхадацәа ҟалоит. Ишьақәдыргылоит асианҵа аамҭала еихшаны. Ақыҭауаа ирылаҳәатәуп алаҵаҟаҵара ишалаго, арыцхәқәа арбаны. Уи ашьҭахь аҟазауаа ауааԥсыра ирылалоит рнапынҵа анагӡаразы", - иҳәеит иара.

Ажәзҩа адагьы алаҵа ҟаҵатәуп ашьапархь аҟынтәгьы ҳәа иҳәеит Роман Џьопуа.

"Ашьапархь азы алаҵа мҩаԥган сынтәа, ааԥынразы гали Тҟәарчали араионқәа рҿы", - иҳәоит иара.

Ашьапархьи ажәзҩеи рҟынтәи алаҵа адагьы ареспублика аҳәынҭқарратә ветеренартә маҵзура имҩаԥнагараны иҟоуп аԥстәи аԥсасеи ргәабзиара аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0