Аԥсны аимҳәа хызҽша алаҵа аҟаҵара иалагоит

Алаҵаҟаҵараан ахархәара аҭахоит Санкт-Петербургтәи аиммуналогиатә наука-ҭҵааратә институт аус зыднаулаз алаҵахәшә "Ультрикс форт".
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Есышықәса еиԥш сынтәагьы аимҳәахгара армариаразы алаҵаҟаҵара иалагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арчелиаԥҳа.

Арҷелиаԥҳа агрипп аҟынтәи алаҵазы: ҭагалан иаҳа еиӷьуп аҟаҵара

"Ҵыԥх алаҵаҟаҵара алҵшәа бзиақәа аанарԥшит. Аӡынра алагамҭазы ачымазцәа рхыԥхьаӡара еснагь иҳаракхон, аха 2018 шықәса рзы ауааԥсыра ирзыҟаҵаз алаҵа аимҳәачымазара акыр иланарҟәит", - лҳәеит лара.

Аимҳәазы алаҵа ареспублика аполиклиникақәа рҿы иҟарҵоит, ахәыҷқәа ракәзар - ашколқәа рҿы ирзыҟарҵоит.

"Алаҵаҟаҵараан аҳақьымцәа ауаа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, ашоура змоу ма аллергиа змоу ирзыҟарҵом", - еиҭалҳәоит Анжела Арчелиаԥҳа.

Алаҵа алҵшәа еиҳа иҳаракны иаанарԥшуеит ҭагалан ианыҟарҵо избанзар аӡынразы авирусқәа еиҳа ирацәоуп. Алаҵаҟаҵара иахысроуп зықәра нықәсхьоу ауаа, избанзар урҭ рымчқәа еиҳа икаԥсоуп ҳәа азгәалҭоит аҳақьым.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арчелиаԥҳа илҳәеит алаҵа шхәарҭоу аҳәатәи гонконгтәи аимҳәақәеи, А – Б ирыҵаркуа аимҳәеи рыхҽразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: