Аԥснытәи атанкистцәа Адыгатәылатәи аполигон аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә база аррамаҵзурауаа 2019 шықәсазтәи аҵарашықәс аихшьаалақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ирхысит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә база атанкистцәа қәҿиарала "аӷа" иверталиотқәеи икәылӡтәы техникеи атанкқәа Т-72Б3 рыла иҭадырхеит Адыгатәыла иҟоу аполигон Маикопски аҿы ҳәа аанацҳауеит Арратә округ апресс-маҵзура.

"Фаворит" Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база "еиқәнархеит"

"Атанк ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа еиҭаҵуаз ацәҟьарақәа ирықәкны ихысуан, ацәҟьарақәа ҭадырхон 5 нызқь метра рҟынӡа ахарара рыҭаны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аррамаҵзурауаа ацәҟьарақәа ҭадырхеит зкалибр дуу апулемиотқәа "Корд" рхархәарала, урҭ акәылӡтәы машьынақәа ирықәыргыланы.

"Ацәҟьарақәа" 60 секунд ракәын рбара аналшоз, уи аамҭа иалагӡаны иҭархатәын.

Аихшьааларатә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аруаа иара убасгьы аныҟәара ахьыуадаҩыз аҭыԥқәа ирхысуан, аиҩхаақәа ирҿысуан, аӡышьҭрақәа ирҭысуан.

Зынӡа аҽазыҟаҵара еихшьаалақәа ирылахәын 300 архәҭа. Аԥышәарақәа мҩаԥган аполигонқәа 25 рҟны.