АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҳауаҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны, ЗРК С-300 "Фаворит" ахархәарала Аԥсны иҟоу арратә база "иақәкыз аракетақәа" ржәылара раԥырҟәҟәааразы рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҳәа иҳәеит Аладатәи округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.
Арадиолокациатә системақәа аҳауатә цәҟьа иаарласны ирыԥшааит, шәкыла километра набжьаны иҭадырхеит.
"Аӷа" дгәаҭан арадиоԥырхагақәа шаԥҵазгьы. Ацәҟьарақәа рыԥшыхәра мҩаԥган ҳаамҭазтәи арадиолакациатә станциа "Триумф" ахархәарала.
Аӷа иобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон егьырҭ аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа рхархәаралагьы. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ашьха-абнаратә ҭыԥқәа рҟни амшын иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи аррамаҵзурауаа рылшарақәа еиӷьыртәуан, аимадареи анапхгараҭареи рсистемақәа еиҿыркаауан, аԥшыхәратә усқәа нарыгӡон.
Ахархәара рыҭан азенит-ракетатә системақәа С-300, азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", "Игла" ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.
Азенит- ракетатә система С-300 адунеи аҟны еиҳа амчра змоу асистемақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иара аусадулара хацыркын 1960-тәи ашықәсқәа раан.