Арадио

Хьециаԥҳа аҵарауаа ҿарацәа рконференциа азы: аԥсуа ҭҵаарадырра аԥеиԥш шамоу ҳдырбеит

Аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи актәи рыҭҵаарадырратә конференциа аиҿкааҩцәа иреиуоу Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаҩ амаӡаныҟәгаҩ Наала Хьециаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны илҳәеит гәҭакыс ишрымоу аҵарауаа аҿарацәа рхеилак аԥҵара.
Sputnik
Хьециаԥҳа аҵарауаа ҿарацәа рконференциа азы: аԥсуа ҭҵаарадырра аԥеиԥш шамоу ҳдырбеит

Жьҭаара 10-11 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысуан аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи актәи рыҭҵаарадырратә конференциа. Уи хьӡыс иаман "Аҭҵаарадырреи аҿари: аԥсуаҭҵаара актуалтә проблемақәа". Аконференциа азкын Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт 20 шықәса ахыҵра.

"Аконференциа аҟны 35-36 рҟынӡа ажәахәқәа ыҟан, урҭ зегьы азҿлымҳара зуҭаша ракәын. Ажәахәқәа азҵаарақәа, ахцәажәарақәа, аимак-аиҿакқәа рхылҿиааит. Аҵарауаа ҳаиҳабацәа ахә бзианы иршьеит, аҿарацәа абас рус ҭакԥхықәрала иахьазнеиз агәахәара рнаҭеит. Аконференциа иаҳнарбеит аԥсуаҭҵаара аус ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шамоу, уи ганрацәала аҭҵаара зҭаху, знапы алаку аҿар шыҟоу. Аконференциа аихшьаало ҟаҵо иазыҳаӡбеит аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи алархәны уи есышықәса еиҿаҳкааларц. Убасгьы гәҭакыс иҳамоуп аҵарауаа аҿарацәа рхеилак аԥҵара", - лҳәеит Хьециаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: