Аҳашба: Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟны анапхгаҩцәа ҳазхаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟәша аиҳабы Асҭанда Аҳашԥҳа еиҭалҳәеит аҵаратә процесс шымҩаԥысуа, аспирантцәа шаҟаҩы ыҟоу, насгьы алеқциақәа ирыԥхьо аҵараауа шазымхо.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Асҭанда Шьалуа-иԥҳа, аспирантура аҟәша сынтәа шаҟаҩык ахыԥхьаӡалада насгьы аҵара зларҵо иарбан хырхарҭақәоу?

Аԥсуа литератураҭҵааҩы, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: Уасил Аҩӡба алитератураҭҵаараҿы илиршаз маҷым

- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантура аҟәшаҿы сынтәа иҳадаҳкылеит быжьҩык аспирантцәа: аетнологиа аганахьала-аӡәы, абызшәа ахырхарҭала-аӡәы, хҩык аҭоурых аҟәшаҿы, аконституциатә зин- аӡәы, насгьы раԥхьаӡакәны иаартыз аекономика ахырхарҭала- аӡәы. Дара зегьы анҭалоз аԥышәарақәа дҳарҭиит, урҭ рҿы досу қәҿиарала рхы аарԥшра рылшеи ҳәа исыԥхьаӡоит. Уажәшьҭагьы ԥхынҷкәын мза инаркны ихымԥадатәиу амаҭәарқәа- афилософиеи атәым бызшәақәеи рзы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Аԥышәарақәа рышьҭахь апрограмма иақәыршәаны алеқциақәа ирзаԥхьоит, азшьақәа арҭоит. Урҭ зегьы рнаҩс аҵарашықәс анҵәамҭазы акондидаттә ԥышәарақәа рҭиуеит. Аԥхьатәи ашықәсқәа ҩба ирҭагӡаны абарҭ амаҭәарқәа рыла мацара аԥышәарақәа арҭароуп, нас ахԥатәи акурс аҟны ианнеилак досу иалырхыз азаанаҭ ала аҵыхәтәантәи аԥышәара рҭиуеит. Анаҩс, аԥшьбатәи акурс аҟны ихымԥадатәиу аҭҵааратә усумҭа анырыҩлакь ашьҭахь хәыҷ-хәыҷы уи ахьчаразы аҽазыҟаҵара иалагоит. Иааизакны аспирантураҿы аҵаратә процесс ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит.

- Иреиҳау аҵараиурҭа иалгаз ауаҩы аспирантура дышԥадшәыԥхьало?

Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Академиа 20-шықәса ахыҵра иналукааша хҭысуп

- Раԥхьаӡа ҳара академиа иаҵанакуа аинститутқәа рахь ашәҟәқәа ҳаҩуеит аспирантура аҭалара зҭаху ауаа ҳадыргаларц азы. Анаҩс аспирантураҿы аҵара зҭаху ақьаадқәа зегьы еиқәыршәаны иҳадҵааларц асоциалтә ҳақәа рҿы, иара ус ҿаԥыцлагьы алаҳәара ҟаҳҵоит. Абасала, маҷ-маҷ зҵара иацызҵарц агәаҳәара змоу аҿар адҳаԥхьалоит.

- Аԥсны анҭыҵ аҵарауааи шәареи шәеимадоума, насгьы изеиԥшроузеи урҭ аимадарақәа рҟазшьа?

- Аԥсны анҭыҵгьы аҵарауааи ҳареи аимадара бзиақәа ҳамоуп. Уи аигәныҩра, аусеицура хымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Избан акәзар иҟалалоит убри аҩыза аҭагылазаашьақәа, аспирантцәа иалырхуа ртемақәа рыла напхгара рызҭаша аҵарауаа ҳара ҳҿы ианыҟамло. Усҟан ҳара Урыстәылатәи аҵарауаа рахь аҳәара ҟаҳҵоит аҵаратә процесс аҟны ацхыраара ҳарҭарц, аҵара зҳарҵо аҿар адырра бзиақәа роуны наҟ-наҟгьы лҵшәа бзиала аҭҵаарадырра амаҵ азура рылшарц азы. Тәымџьарантәи аспирантцәа ироууа аԥышәагьы, сгәанала кыр ихәарҭоуп.

Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Арадио
Зураб Џьапуа: академиа шьақәгылеит, аҿиара амҩа анылара аамҭа ааит

- Иара аспирантура ахаҭаҿы арҵаҩратә еилазаара шԥашьақәгылоу?

- Арҵаҩратә еилазаара атәы ҳҳәозар, аспирантура аҟәша аштат иаҵанакуа ҩыџьа ыҟоуп- атәым бызшәақәеи афилософиеи амаҭәарқәа ирыԥхьо. Иара убас ҳара еиқәҳаршәоит еиуеиԥшым атематикақәа рыла апрограммақәа. Дара апрактикаҿы аларҵәара раҳҭарц азы аԥсуа ҵарауаа ааԥхьара раҳҭоит аспирантцәа рзы алеқциақәа мҩаԥыргарц. Избан акәзар аспирантураҿы аҵара зҵо ауаа изылгаз аҵараиурҭаҿы ироуз адыррақәа инархыҳәҳәо, еиҳа игәылҭәааны досу иалырхыз атемақәа рызнаҳгар ҳҭахуп. Алеқциақәа мҩаԥызго аҵарауаа даҽаџьарагьы аус руеит, убри аҟнытә иалкаау аизшьанҵа ҳамаӡам. Аус аныруша заа аҵаҩцәеи дареи еибыҳәаны мчыбжьыкахь знык-ҩынтә рҽазыҟарҵоит. Аха убри аангьы шықәсык ахи-аҵыхәеи ирзарбо азааҭқәа нарыгӡароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0