Арадио

Занҭариа аныҳәа "Лыхнашҭа" азы: иахьа иҟам аԥацха, ақәацә

Хәаԥтәи анхаҩы Роланд Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит аҽаҩра аныҳәа "Лыхнашҭа" раԥхьатәи ашықәсқәа рзы ишымҩаԥыргоз.
Sputnik
Занҭариа аныҳәа "Лыхнашҭа" азы: иахьа иҟам аԥацха, ақәацә

"Ҩынҩажәи хәба шықәса инарзынаԥшуа иҵуазар ҟалап шьҭа имҩаԥыргоижьҭеи "Лыхнашҭа" аныҳәа. А́ҽаҩра аныҳәа амҩаԥгара 3-4 мзы шыбжьа рҽазыҟарҵон, иаҳҳәап, акәасқьа ду рызмыргыларгьы аԥацха еиҿкааны, ишахәҭоу еиԥш иҟарҵон, ус ишааиуаз иахьатәи ацәыргақәҵақәа рахь ииасит. Ақыҭақәа еиԥшны ашьаԥақәа рыздыргылеит, досу рыдгьылқәа рызшаны, ацәыргақәҵа бзиақәа ҟарҵеит, еиҿыркааз рацәоуп, амала анкьа еиԥш аԥацхеи, ақәацәи, абореи ыҟаӡам. Сара исҭахын иахьа ҳкультуратә программагьы есышықәса еиԥшны акәымкәа иаҳа ҽакала ҳазнеилар, ацәыргақәҵа ҟаҳҵозар, ҳҵас, ҳқьабз иаҵанакуа иаҳа инарҭбааны иааҳарԥшыроуп амаҭәарқәа, ауаа ирбароуп. Иахьа аныҳәа иаҭаауагьы аурыс еиқәа ҳашьаҵаны ҳабӷьаауа акәымкәа, зықәра ыҟоу 60-70 шықәса ирҭысхьоу аԥсуа маҭәа ҳашәҵаны ҳааир, иаҳа иԥшӡахоит. Уи аганхьала Афонаа рыҷкәынцәа срыкәахшоуп, ԥсыуа маҭәала рҽеилаҳәаны игылоуп, угәы иаахәаратәы иҟоуп. Абас ианыҟоу аԥсуаа ишаҳныҳәоу удырыртә иҟалоит", - иҳәеит Занҭариа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: