АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Амшынеиқәаҿ еиҳарак аԥшатлакәқәа ахьҵысуа аҭыԥқәа Тамани Шәачеи ирыҵаркуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аиҳарак аԥшатлакәқәа аҭыԥ рымоуп Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа, Тамани Шәачеи рҭыԥқәа рҿы. Урҭ рҿы аасҭа маҷк еиҵоуп Ҟрым иахьаҵанакуа", - ҳәа азгәаҭоуп аматериалқәа рҿы.
Иара убас иарбоуп Амшын еиқәа акваториа Урыстәыла еиҳа ишәарҭоу аҭыԥқәа ирыҵаркуеит ҳәа.
"Амшын еиқәа акваториаҿы аԥшатлакәқәа цәырҵуеит Кавказ ашьхақәа рҟынтәи иаауа ахьҭеи амшын аԥхарреи реилаӡҩара иахҟьаны", - ҳәа аҳәоит аматериал аҿы.
Амшынеиқәатә ԥшаҳәаҿы аԥшатлакәқәа рцәырҵра иаҵоу ашәарҭара ахәшьара шьақәлыргылон НПО "Тайфун" апрограмматә системақәа рлабораториа аусзуҩ Ольга Калмыкова.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шәачаа амшцәгьа рзыԥшуп
Аԥшатлакә "Хагибис" аҽарцәгьеит: 40-ҩык ҭахеит
Амшынцәқәырԥареи аԥшатлакәи Аԥсны ишәарҭахом