Амшын еиқәаҿы еиҳарак аԥшатлакәқәа ахьҵысуа аҭыԥқәа алыркааит

© Фото : Nikolas Noonanаԥшатлакә
аԥшатлакә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Амшын еиқәа иахьаҵанакуа шықәсык аҩнуҵҟа бжьаратәла 40 рҟынӡа ԥшатлакә ҵысуеит. Урҭ зыхҟьо ртәы рҳәеит аҵарауаа.

АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Амшынеиқәаҿ еиҳарак аԥшатлакәқәа ахьҵысуа аҭыԥқәа Тамани Шәачеи ирыҵаркуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аиҳарак аԥшатлакәқәа аҭыԥ рымоуп Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа, Тамани Шәачеи рҭыԥқәа рҿы. Урҭ рҿы аасҭа маҷк еиҵоуп Ҟрым иахьаҵанакуа", - ҳәа азгәаҭоуп аматериалқәа рҿы.

Иара убас иарбоуп Амшын еиқәа акваториа Урыстәыла еиҳа ишәарҭоу аҭыԥқәа ирыҵаркуеит ҳәа.

"Амшын еиқәа акваториаҿы аԥшатлакәқәа цәырҵуеит Кавказ ашьхақәа рҟынтәи иаауа ахьҭеи амшын аԥхарреи реилаӡҩара иахҟьаны", - ҳәа аҳәоит аматериал аҿы.

Амшынеиқәатә ԥшаҳәаҿы аԥшатлакәқәа рцәырҵра иаҵоу ашәарҭара ахәшьара шьақәлыргылон НПО "Тайфун" апрограмматә системақәа рлабораториа аусзуҩ Ольга Калмыкова.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0