Ҭарба "Кавказ" агастрольқәа рзы: жәа хаала ҳнаскьаргон
© Sputnik
"Ақалақьқәа зегьы рҿы ҳрыдыркылеит гәахәарыла. Ҳазбахьоугьы рацәоуп, изныкымкәа инеизгьы рацәаҩхеит. Аконцерт анеилгалак ашьҭахь ажәа хаақәа ҳарҳәон, иҵегь ишаҳзаԥшу атәы азгәарҭон. Ақалақьқәа зегьы рҿы аконцерттә залқәа еиқәшәоуп, акультура пату ақәызҵо ракәны ишыҟоу убаратәы иҟоуп. Ахәаԥшцәа еснагь иҳаман, азалқәа ҭәын. Иааизакны мызкы иалагӡаны 11 концерт мҩаԥаагеит. Ахәаԥшцәа зегьы аӡӷабцәа инарыгӡо авартә кәашара алыркаауеит, иара убас ашьхарыуаа рыкәашара. Аҷкәынцәа иркәашо аелементқәа даара ицәгьоуп, изларылшои ҳәа иџьазшьо рацәаҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.