Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба "Кавказ" агастрольқәа рзы: жәа хаала ҳнаскьаргон

© Sputnik / Томас ТхайцукОмар Ҭарба
Омар Ҭарба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атомтә фымцатә станциақәа ахьыҟоу ақалақьқәа рҟны мызкы иназынаԥшуа агастрольқәа аман Кандид Ҭарба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ". Уи аиҳабы, абалетмеистер Омар Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит урҭ шымҩаԥысыз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭарба "Кавказ" агастрольқәа ирызкны

"Ақалақьқәа зегьы рҿы ҳрыдыркылеит гәахәарыла. Ҳазбахьоугьы рацәоуп, изныкымкәа инеизгьы рацәаҩхеит. Аконцерт анеилгалак ашьҭахь ажәа хаақәа ҳарҳәон, иҵегь ишаҳзаԥшу атәы азгәарҭон. Ақалақьқәа зегьы рҿы аконцерттә залқәа еиқәшәоуп, акультура пату ақәызҵо ракәны ишыҟоу убаратәы иҟоуп. Ахәаԥшцәа еснагь иҳаман, азалқәа ҭәын. Иааизакны мызкы иалагӡаны 11 концерт мҩаԥаагеит. Ахәаԥшцәа зегьы аӡӷабцәа инарыгӡо авартә кәашара алыркаауеит, иара убас ашьхарыуаа рыкәашара. Аҷкәынцәа иркәашо аелементқәа даара ицәгьоуп, изларылшои ҳәа иџьазшьо рацәаҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0