Аԥснытәи атуристцәа Барселонатәи аҿагыларатә акциақәа рзы: ҳшәаны ҳдәылҵуамызт

Хымш ҵуеит Каталониа ахьыԥшымра адгылаҩцәа ракциақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Аҵыхәтәантәи амш азы аполициа 200-ҩык рҟынӡа ауаа ааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Аԥснытәи атуристка Нила Арӡынԥҳаи Давид Гәбази Барселона ақәгыларақәа аныҟаз иақәшәеит. Арадио Sputnik Аԥсны аҟны дара алацәажәеит Каталониа аҳҭнықалақь аҿы иҟаз аҭагылазаашьа.

Барселона аполитиказ иҭаку аурышьҭырц ақәгылара мҩаԥыргеит

"Ҳара аилагьежьра асакьаҳәымҭа ҳақәымшәеит, анцәа иџьшьарала. Жьҭаара 14 рзы ҳаҟан уа. Аԥхьа ныҳәак аиԥш иҟан, рхымҩаԥгашьагьы ҭынчын. Ҳара Каталониа ашҭа ду ааигәара ҳанхон. Аилашәшәымҭаз ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахо иалагеит", - еиҭалҳәоит Арӡынԥҳа.

Аԥхьа атранспорантқәа, алозунгқәа ыҟамызҭгьы, ауаа рацәахацыԥхьаӡа урҭгьы цәырыргеит ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Давид Гәыбаз иазгәеиҭеит акаталонеццәа рмилаҭтә политикатә хдырра акыр ишыҳараку.

"Амилаҭқәа зегьы еиԥшу азинқәа рымазароуп ҳәа рҳәоит акаталонеццәа. Косоваа рхатә ҳәынҭқарра рымазар рылшозар, ҳара уи азин ҳзалыхәдаатәузеи ҳәа азгәарҭоит", - иҳәеит Гәыбаз.

Каталониа амассатә қәгыларақәа ирылагеит жьҭаара 14 рзы Испаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа жәаҩаҩык каталониатәи аполитикцәа 2017 шықәса рзы ахьыԥшымраз ареферендум иалахәын ҳәа рус анырыӡба ашьҭахь. Урҭ рҟынтәи жәҩык 9 - 13 шықәса рҟынӡа рықәырҵеит.

"Ахәылԥаз адәахьы адәылҵра ҳацәшәаны аотель аҿы ҳаанхеит. Ҳзыҩназ ауадақәа рыҵаҟаҵәҟьа ауаа рацәаны еилагьежьуан, авертолиотқәа ҳхаԥыруан. Адырҩаҽны ҳанцоз ҳгәырӷьон", - лҳәоит Арӡынԥҳа.

Ашәахьаҽни аҩашаҽни аполициааи ауааԥсыреи аидысларақәа рыман Барселона, Таррагон, Жироне, Лериде. 200 рҟынӡа ааха роуит, урҭ рахьтә 70-ҩык азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Иаанкылоуп 50-ҩык ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: