Каталониатәи асепаратистцәа Барселона амҩақәа рҿы абаррикадақәа дыргылоит

© AFP 2023 / PAU BARRENAСитуация в Барселоне, 21 декабря 2018
Ситуация в Барселоне, 21 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿагыларатә акциа мзызны иаиуит Мадрид ес-хәаша имҩаԥыргало Аминистрцәа реилазаара аилатәара Барселона иахьымҩаԥыргаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21– Sputnik. Каталониатәи асепаратистцәа Барселона амҩақәа рҿы абаррикадақәа дыргыло иалагеит, азинеиҿкаара знапы иану аполициаа ахаҳәқәа ргәыдырҵоит. Аҿагыларатә акциа мзызны иаиуит Мадрид ес-хәаша имҩаԥыргало Аминистрцәа реилазаара аилатәара Барселона иахьымҩаԥыргаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Быжьҩык ауаа аанкылоуп ҳәа аарыцҳауеит каталониатәи азинхьчаратә усбарҭақәа Mossos d'Esquadra.

Амҩаду Параллель аҿы аполициаа рхы иадырхәеит арезинатә дубинкақәа.

Аҭагылазаашьа уадаҩуп Лаиетан имҩаҿгьы. Уа аполициа ақәгылара иалахәыз рныҟәара ааныркылеит.

Аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит аа-нызқьҩык рҟынӡа каталониатәи азинхьчаратә усбарҭақәа Mossos d'Esquadra алахәылацәа.

Зегь раасҭа ауаа рацәоуп Франциатәи адәыӷбаангыларҭаҿ, иара испаниатәи аиҳабыра ахьеилатәо ахан Льотха-де-Мар 300 метроуп иахьацәыхароу. Аҭагылазаашьа макьаназ иҭышәынтәалоуп. Ахыбрахь анеирҭақәа зегьы аполициа рнапаҿы иҟоуп.

Иаркуп апарк Сиудаделла, уоуп Каталониа апарламент ахыбра ахьыҟоу.

Шьыжьы инаркны арадикалтә еиҿкаара "Комитеты защиты республики" алахәылацәа амҩадуқәа жәаҩа ааныркылеит.

Аԥшьаша Барселона имҩаԥысит Испаниеи Каталониеи реиҳабыра рхадацәа Педро Санчеси Ким Торри реиԥылара. Иара аихшьаалақәа рыла иазгәаҭан аимак-аиҿак аԥыхразы аусурақәа шымҩаԥгатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0