АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҟны иаанкылоуп аҭҭынаалыҵ закәаншьаҭада аҳәаа иахызгоз амашьынақәа ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхыҩцәа рыпресс-маҵзура.
Ԥсоу иааныркылеит аконтрабанда мҩаԥызгоз аепотаж машьына
© Foto / ГГТИ
Жьҭаара 16 рзы ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аҿы иаанкылан зыԥшшәахәы ҟаԥшьыз Hyundai Solaris.
"Аконтрабанда мҩаԥызго амашьынақәа реиҳарак иажәхьоу, асовет машьынақәа роуп. Уажәы иаанаҳкылаз автомашьына ари астандарт ахь иаҵанакуамызт", - рҳәоит Шәача ақалақь аҳазалхыҩцәа.
Иааидкыланы иԥшаан 700 пачка асигарет акцизтә маркақәа рықәымҵакәа. Иара убри амш азы аҳәааҿы иаанкылан аконтрабанда мҩаԥызгоз аҽа автомашьынак: ВАЗ "21083" . Уигьы Аԥснынтәи аҳәаахь инеиит.
"Аҟазауаҩ-кинолог амаҵзуратә-ла лабрадор-ретривери рыцхыраарала аҳазалхыҩцәа аҵәахырҭақәа рыԥшааит", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Иааидкыланы 100 ҭоԥк асигарет акцизтә маркақәа рықәымҵакәа иаарԥшын.
29-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит атауар Аԥсны ишааихәаз акоммерциатә хықәкы иманы.
Ԥсоу иааныркылеит аконтрабанда мҩаԥызгоз аепотаж машьына
© Foto / ГГТИ