Ԥсоу иааныркылеит аконтрабанда мҩаԥызгоз аепотаж машьына

© Foto / ГГТИ Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Закәаншьаҭада аҳәаа захыгара ҟамло атауар ахыгара зҽазызшәо ауаҩы аштраф ду иқәырҵоит, амашьынеи атауари ракәзар аконфискациа рзыруеит.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҟны иаанкылоуп аҭҭынаалыҵ закәаншьаҭада аҳәаа иахызгоз амашьынақәа ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхыҩцәа рыпресс-маҵзура.

© Foto / ГГТИ Контрабанда сигарет
Ԥсоу иааныркылеит аконтрабанда мҩаԥызгоз аепотаж машьына - Sputnik Аҧсны
Контрабанда сигарет

Жьҭаара 16 рзы ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аҿы иаанкылан зыԥшшәахәы ҟаԥшьыз Hyundai Solaris.

"Аконтрабанда мҩаԥызго амашьынақәа реиҳарак иажәхьоу, асовет машьынақәа роуп. Уажәы иаанаҳкылаз автомашьына ари астандарт ахь иаҵанакуамызт", - рҳәоит Шәача ақалақь аҳазалхыҩцәа.

Иааидкыланы иԥшаан 700 пачка асигарет акцизтә маркақәа рықәымҵакәа. Иара убри амш азы аҳәааҿы иаанкылан аконтрабанда мҩаԥызгоз аҽа автомашьынак: ВАЗ "21083" . Уигьы Аԥснынтәи аҳәаахь инеиит.

"Аҟазауаҩ-кинолог амаҵзуратә-ла лабрадор-ретривери рыцхыраарала аҳазалхыҩцәа аҵәахырҭақәа рыԥшааит", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Иааидкыланы 100 ҭоԥк асигарет акцизтә маркақәа рықәымҵакәа иаарԥшын.

29-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит атауар Аԥсны ишааихәаз акоммерциатә хықәкы иманы.

© Foto / ГГТИ Контрабанда сигарет
Ԥсоу иааныркылеит аконтрабанда мҩаԥызгоз аепотаж машьына - Sputnik Аҧсны
Контрабанда сигарет
Ажәабжьқәа зегьы
0