Аибашьра ду аан иҭахаз рхашҭуам: аԥырҩцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп

Николаи Медвенски ишиҳәаз ала ара ижу рыхьӡ еилкаам, уи аилкааразы азыҳәашьҭуп Гатчина иҟо аҳәынҭқарратә арратә архив ахь.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ҩыџьа аԥырҩцәа анышә иахьамадоу аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Аибашьра ду аан иҭахаз рхашҭуам: аԥырҩцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп

"Ишыжәдыруа еиԥш, 1942 шықәса рзы Аԥсны ажәҩанҵакыраҿ аҳауаҿ аибашьра ӷәӷәақәамҩаԥысуан. Анемеццәа хықәкны ирыман Аԥсны иахьаҵанакуа анхарҭаҭыԥқәа абомбақәа рылажьра. Аиҳаракгьы хықәкыс ирымаз Аҟәеи аҟәатәи амшынбаӷәазеи ракәын", - еиҭеиҳәоит Медвенски.

Аҟәеи акәша-мыкәшеи рыхьчон Сухум 863-тәи ажәыларатә авиациатә полк аруаа. Абри аамҭазы ара иҭахеит 11-ҩык аԥрыҩцәа.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ҩыџьа аԥырҩцәа анышә иахьамадоу аҭыԥ (Надежда Курченко лыхьӡ зху апарк– аред.) 2013 шықәса рзы иаҳирбеит Аҟәа инхоз Лаша Шамба", - иҳәоит Николаи Медвенски.

Анышәынҭрақәа рҭагылазаашьа збаз амузеи аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә аказақцәа рыри ирыӡбеит ари аҭыԥ дрыцқьарц.

Аиҭарҿыцратә усурақәа ирылаган 2019 шықәса цәыббрамзазы иҳәеит Николаи Медвенски.

Николаи Медвенски ишиҳәаз ала ара ижу рыхьӡ еилкаам, уи аилкааразы азыҳәа шьҭуп Гатчина иҟо аҳәынҭқарратә арратә архив ахь.

Аибашьра ду аан иҭахаз рхашҭуам: аԥырҩцәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп

Иара иажәақәа рыла архивтә дыррақәа инарықәыршәаны Аԥсны джуп аҽа ԥырҩыкгьы, аџьармыкьа хада ааигәа, аԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоуп иаргьы апарк аҿы анышә иамадара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: