Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба иҭоурых

© Foto / Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Мадина Ҷанԥҳа.
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Мадина Ҷанԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа амоделиер Мадина Ҷанԥҳа

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Актәи Украинатәи афронт даланы анемец фашистцәа рҟынтә иҭаирцәуан Урыстәыла, Украина, Польша, Колинсберг, Калининградтәи аобластқәа. Аибашьра ду ихьӡеит арра дшыҟаз. Абираҟ ҟаԥшь занашьаз 359-тәи адивизиа иаҵанакуа, 1998-тәи ахысратә полк авзвод адҵаҟаҵаҩ, ԥшьынтә ахәрақәа заухьаз, аиаҵәа ҟаԥшьи актәи, аҩбатәи аҩаӡара змоу, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәеи, еиуеиԥшым амедалқәеи занаршьахьаз аветеран, арратә чынқәа занашьаз аибашьра ашьҭахьгьы.

Гамсаниа Шьаликәа - Sputnik Аҧсны
Шьаликәа Гамсаниа ииааира аҭоурых

Арра маҵзура ихигеит. Аҩныҟа дхынҳәит ақаԥдан ичын иманы. Ирратә ҳамҭақәа ракәзар, ҩ-еибашьрак ирхаануп. Аветеран дахьынхоз Тамшь ақыҭа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа иқәыццышәаа ирыблит. Еиқәхаз, анышә иҵаҵан иԥа зыҵәахра илиршаз амедалқәа роуп. Уимоу, ибаҟа ахҭыԥ иадыргеит, аԥсуа жәла ахьаныз иахырҟьаны. 

Есышықәса даара сазхәыцуеит аибашьра иамоу аҵакы. Уи зыбзоуроу сабду иакәхап. Сара исгәалашәоит сабду, Маи 9 Аиааира амш ныҳәа акырӡа ишҽазыҟаиҵоз. Мызкы шагыз аҽырхиара далагон. Есышықәса иара ҳаигон аныҳәатә парад ахь.

Уа аветеранцәа аҳамҭақәа рырҭон, ҳаргьы ҳаигон есышықәса. Сара исгәалашәоит акерза сапогқәа аацәырганы арыцқьара даналагоз. Усгьы иџьасшьон. Имаз ир маҭәа бабыцк ақәшәаны иуӡомызт. "Дадука, ицқьаӡа иҟоуп, уаҟәыҵрауеи арыцқьара", ҳәа иасҳәон. "Мап, мап, макьана ицқьаӡам", иҳәон, нас деиҭаналагон ҩаԥхьа арыцқьара.

Имедалқәа ракәзар, изҭаз ишәындыҟәра иааҭыхны иаԥхьа иалеиҵон, нас инапқәа ҳаркны имоҭацәа ҳиманы аныҳәахь иҿынеихон. Сан лакәзар, иԥшӡаны ҳаибылҭон сашьцәеи сареи. Сара сыхцәы абантикқәа аркны, ҳабду ҳицҵаны ҳлышьҭуан. Сара сзы даара игәырӷьара мшын уи. Ахааназы исхашҭраны сыҟаӡам урҭ амшқәа.  

Исҭахәуп изызҳауа аҿар убри аҵакы еилыркаарц. Аиааира ус ахала ишымааз, шьала ишыкәабоу. Ҳаргьы рааӡара ҳақәшәароуп. Сара ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп. Еилыркаар сҭахәуп аибашьра аҵакы закәу. 

Исгәалашәоит хҭыск сабду имедалқәа ирыдҳәалоу. Сара схәыҷы аахыс аӡахра бзиа избоит. Абри сабду имедалқәа ахьыҵәахыз еснагь сырхаҩон. Ицырцыруа иҟамзи, среилаҳауан, искыр-исышьҭыр сҭахын. Сабду ҽнак имедалқәа аацәыриган, ирыцқьаны ҩаԥхьа ашәындыҟәра инҭеиҵеит. Уи ацаԥхала иаиркуан, уаҩ дызҭаломызт.

© Foto / Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба имедалқәа
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба имедалқәа - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба имедалқәа
  

Акыр дрыхӡыӡаауан. Ҽнак, игәасҭеит ишәындыҟәра ацаԥха шаркымыз. Саргьы исҭахыз уи акәын, сынҭалан имедалқәа аацәырызгеит. Убасҟан ҵкык сӡахуан са стәала исгәалашәоит. Инаган амедалқәа хәбаҟа цыра сыҵкы аԥхьа инасыркит. Сабду игәеиҭеит сызҿыз. Аиаша шәасҳәоит¸ игәамԥхаӡеит.

Ҳагба Иасон Сиҭ-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран. - Sputnik Аҧсны
Смоленсктәи аибашьра. Аԥсуа ветеран Иасон Ҳагба иҭоурых

Сара сабду, ахааназы сгәацәыхьажәак имҳәацызт. Даара гәыхьс исыдыскылеит дсықәымчны дахьцәажәаз. Иара акыр ҟазшьала итатаз уаҩын, ибжьы ҭганы дахьсацәажәаз, хымԥада исзымбатәбарахеит. Ахаан исхашҭуам усҟан ииҳәаз ажәақәа: "Мадина, бышԥарылакьыси урҭ, хәмаргас ишԥашьҭыбхи. Ибдыруама урҭ шьала ишыкәабоу", ҳәа.

Сара исзеилкаауамызт усҟантәи иажәақәа рҵакы иахьеиԥш. Сара сабду Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба, ахӡыргара илаӡамызт. Аибашьра ахҭысқәагьы лассы-лассы дрылацәажәаӡомызт. "Шәандухалак еилышәкаап", иҳәалон.

Ииашаҵәҟьаны, ҳара ҳхаҭақәа ҳаблала иаҳбеит аибашьра закәытә хлымӡааху. Уаҳа, уи аҩыза ҟамлааит ари адунеи аҿы. Сара сабду зегь реиҳа бзиа иибоз аныҳәа — Маи9, сара сзгьы иԥшьоу ныҳәоуп. Схәыҷра ашықәсқәа рахь схьадырԥшуеит, сабду ихьаагара сызцәырнагоит… Сабду игәалашәара лаша сыцуп еснагь. 


Ажәабжьқәа зегьы
0