АҞӘА, жьҭаара 21– Sputnik. Аҟәа араион ақыҭа Аԥра (уаанӡатәи Ахалшени – аред.) амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.
Гындиа иажәақәа рыла ԥшьҩык ауаа зҭаз амашьына алаӷьараҿы анкылага (тормоз-аред) амкит. Амашьына ааҳәын, амца акит.
Ааха зауз хҩык Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп.
Аԥсны АҶА иҭахаз ахаҵа иганахь ала аинформациа амам.