Амҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа дҭахеит

© Фото : Facebook/МЧС АбхазииАмҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа дҭахеит
Амҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа дҭахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион ақыҭа Аԥра авариа ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит жьҭаара 20 асааҭ 15:00 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 21– Sputnik. Аҟәа араион ақыҭа Аԥра (уаанӡатәи Ахалшени – аред.) амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Гындиа иажәақәа рыла ԥшьҩык ауаа зҭаз амашьына алаӷьараҿы анкылага (тормоз-аред) амкит. Амашьына ааҳәын, амца акит.

Ааха зауз хҩык Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп.

Аԥсны АҶА иҭахаз ахаҵа иганахь ала аинформациа амам.

Ажәабжьқәа зегьы
0